«Аџьашьахәы ҟалаӡом! Ҳара наунагӡа амилаҭтә мазара ҳцәыӡит, ҳахәҭак ҳцәыӡит»

Асида Шьаҟрыл, азинхьчаҩ, ԥыхьатәи Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу.

Асида Шьаҟрыл, азинхьчаҩ, ԥыхьатәи Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу.

Абри ацәанырра раԥхьаӡа акәны иԥысшәеит сашьа Алхас даныҟамла. Иара дҭахеит Гагра ахақәиҭтәраан. Акыраамҭа ишьҭан, дырзыԥшаауамызт. Уи ҵыхәаԥҵәара змамыз, иузхымго амшқәа ракәын, аха уеизгьы-уеизгьы аџьашьахәы уақәгәыӷны уаанымгылакәа анцәа уиҳәоит, уиашьапкуеит.

Анаҩс саб ӷәӷәала дырхәит ҳәа аарыцҳаит. Нас ҩаԥхьа угәы злаҭәыз агәырҩа, иухугаз уцәыӡқәа зегьы хьаа ҿыцны иузцәырҵоит, аха уара уеизгьы анцәа уиҳәоит, уиҳәоит аанҿасрада. Уи ацәанырра еснагь исҭаауеит бзиа избо ауаа наӡаӡа ианысԥырҵуа.

Урҭ ахәыцрақәеи, ацәаныррақәеи снырит иахьагьы, Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд зегьы шыблыз ансаҳа ашьҭахь. Аџьашьахәы ҟалаӡом! Ҳара наунагӡа амилаҭтә мазара ҳцәыӡит, ҳахәҭак ҳцәыӡит.

Сара издыруеит аибашьра ҟамлазҭгьы, насгьы аӷа сҭынхацәа дырмеихсыр, иахьа урҭ сааигәара иҟалон. Сара схьаақәа рзы аҭакԥхықәра здугьы дыздыруеит.

Иахьа имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы, ҳкультуреи ҳҭоурыхи рыҟәша ду ақәхраҟны аҭакԥхықәра здугьы дыздыруеит. Шәаргьы ижәдыруеит. Ҿымҭ-ԥсымшьа шәымтәан, шәымшәан, ишәымчҳан!

«Ҿымҭ-ԥсымшьа шәымтәан, шәымшәан, ишәымчҳан!»

Асида Шьаҟрыл

Related

Country

News

Articles & Opinion

Publications

Abkhaz World

Follow Us